Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла анапхгара ареформақәа рынагӡараҿ аԥҳьагылара амоуп, убри азоуп 2017 шықәсазы Евроеидгылаҟны авизадатә режим ахьҳауз
Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла анапхгара ареформақәа рынагӡараҿ аԥҳьагылара амоуп, убри азоуп 2017 шықәсазы Евроеидгылаҟны авизадатә режим ахьҳауз

Қырҭтәыла анапхгара ареформақәа рынагӡараҿ аԥҳьагылара амоуп, убри азоуп 2017 шықәсазы Евроеидгылаҟны авизадатә режим ахьҳауз, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, авизалиберализациа “Ақырҭуа гәахәтәы” рҳамҭоуп, уи иахӡыӡаауеит.

“Ари апроцесс аҿы иаҭаху ашьаҿақәа зегьы ҟаҳҵоит. Абжьагарақәа зегь рганахьала иҟаҵатәу ҟаҳҵоит. Зҵаарак аиӷьтәра аҭахыза, еиӷьыҳтәоит”, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы.

Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз, амиграциатә процесс аекономикатә зҵаарақәа мацара ирыдҳәалам.

Еврокомиссиа ицәырнагаз авизалиберализациа акитериқәа рынагӡара иазку афбатәи аҳасабырбаҿ егьырҭ атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла аӡбахәгьы аҳәоуп. Авторцәа ргәаанагарала, “Қырҭтәыла авизалиберализациа акритериқәа ирышьашәалоуп”.