Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориалаҿ ашәҭқәа шьҭеиҵеит
Иахьа, цәыббра 27 рзы Аҟәа акаҳара инаркны 31 шықәса ҵит. Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориалаҿ ашәҭқәа шьҭаиҵан, иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Иара убас амемориал ашҟа инеитҚырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡеи, аиҳабыра алахәылацәеи.
Аҟәа акаҳара амш инаркны 31 шықәса ҵит. Аҧсны аибашьра иалагеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы.