Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла агеополитикатә ҭыҧи арегионаҿ аҭагылазаашьа цәгьеи амшала ҳтәыла аҩныҵҟа аҭагылазаашьа цәгьахеит, убри аҟынтә, акгьы ҟамҵакәа ҳазтәом
««Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан иадҳәаланы иаҳзаашәышьҭыз ашәҟәы азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ари азҵаара иазкны гәахәарыла иаҳа инарҭбаау аинформациа шәысҭоит, иара убас, агәра шәсыргар сҭахуп ҳара Қырҭтәыла адемократиатә европатәи аҧеиҧш ҳшазгәыку», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Евроеидгыла иалоу быжь-тәылак рпарламентқәа рхантәаҩцәа рышәҟәы аҭак анеиҭоз.
Апарламент ахантәаҩы ишиҩыз ала, маӡалатәи атәым аҽалагалара атәылақәа рацәа рмилаҭтә интересқәа ирҧырхагоуп, Қырҭтәылагьы абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьаҿы иҟоуп.
«Маӡалатәи атәым аҽалагалара атәылақәа рацәа рмилаҭтә интересқәа ирҧырхагоуп, Қырҭтәылагьы абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьаҿы иҟоуп. Арҭ атәылақәа ари апроблема аӡбаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит, рполиткиатәи рекономикатәи системақәеи ашәарҭадара асистемақәеи дырҕәҕәоит. Франциа, Британиа Ду, Америка, уҳәа еиуеиҧшым аҳәанҭқаррақәа ари апроблема рымоуп. Қырҭтәылагьы абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьа иҭагылоуп. Қырҭтәыла агеополитикатә ҭыҧи арегионаҿ аҭагылазаашьа цәгьеи амшала ҳтәыла аҩныҵҟа аҭагылазаашьа цәгьахеит, убри аҟынтә, акгьы ҟамҵакәа ҳазтәом. Қырҭтәыла акоммерциа знапы алакым аиҿкаарақәа аҩаӡарақәа зегьы рҿы аӡбарақәа рыдкылара апроцесс иалахәызар, ауаажәларратә ҧсҭазааразы анырра рымазар, ҳара аартызаара астандарт хада иашьашәалазароуп, – ауааҧсыра ирдыруазароуп актор цыҧхьаӡа аҧара ахьынтәааиго. Аӡбарақәа рыдкылара апроцесс иалахәы аганқәа зегьы рфинанстә аартызаара – ахадаратә принципуп», — иҩит апарламент ахантәаҩы.