Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа изымпыҵакны измоу атәыла иалахәу аформат  ҳҽалаҳархәом
Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа изымпыҵакны измоу атәыла иалахәу аформат ҳҽалаҳархәом

Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа импыҵхаланы измоу атәыла иалахәу аформат ҳҽалаҳархәом, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили азҵаара изықәдыргылеит Сергеи Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны. Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит “Қырҭтәыла анапхгара амилаҭтә интересқәа ирышьашәаланы аус руеит, убри аҟынтә, хара имгакәа аформат 3+3 инагӡаны аус арура ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит” ҳәа.

Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла идҵаны иқәнаргыло идыруп – аҵакырадгьылқәа рдеоккупациа.

„Актәи ашьаҿа аҵакырадгьылқәа рдеоккупациуопю Урыстәыла аган абри еиԥш аҳәамҭақәа изныкымкәа ҟанаҵахьеит. Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа импыҵхаланы измоу атәыла иалахәу аформат ҳҽалаҳархәом. Қырҭтәыла идҵаны иқәнаргыло идыруп – аҵакырадгьылқәа рдеоккупациа“, – иҳәеит Папуашвили.