Шьалуа Папуашвили - OSCE/ODHIR алкааҿ ишану ала, Қырҭтәыла алхрақәа ишахәҭаз еиԥш мҩаԥган, Қырҭтәыла илегитиму анапхгара амоуп
Шьалуа Папуашвили - OSCE/ODHIR алкааҿ ишану ала, Қырҭтәыла алхрақәа ишахәҭаз еиԥш мҩаԥган, Қырҭтәыла илегитиму анапхгара амоуп

Европатәи аполитикцәеи, адипломатцәеи, еиуеиԥшым атәылақәеи рҟынтә иҳаҳаз аҳәамҭақәа рыла OSCE/ODHIR иҟанаҵаз алкаа аиҭахәаԥшра аҭахума ҳәа иубарҭоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, OSCE/ODHIR алкааҿ ишану ала, Қырҭтәыла алхрақәа ишахәҭаз еиԥш мҩаԥган, Қырҭтәыла илегитиму анапхгара амоуп.

“Алхрақәа ирызкны аларҵәара зауз адезинформациа сахцәажәар сҭахуп: актәи,Европатәи аполитикцәеи, адипломатцәеи, еиуеиԥшым атәылақәеи рҟынтә иҳаҳаз аҳәамҭақәа рыла OSCE/ODHIR иҟанаҵаз алкаа аиҭахәаԥшра аҭахума ҳәа иубарҭоуп. Аха OSCE/ODHIR алкааҿ ишану ала, Қырҭтәыла алхрақәа ишахәҭаз еиԥш мҩаԥган, Қырҭтәыла илегитиму анапхгара амоуп”, – иҳәеит Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, OSCE/ODHIR-и аҭыԥантәи анаԥшратә еиҿкаарақәеи алхрақәа рҿы алхыҩцәа рыбжьқәа раахәара афактгьы рзаадмырԥшит.