Шьалуа Папуашвили NDI алхратә жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы, “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитхеилак алахәыла Шьалуа Папуашвили NDI алхратә жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аганқәа ирыхәаԥшит алхраԥхьатәи ҭагылазаашьа, алхратә закәанеидкыла, “Ақырҭуа гәахәтәы” ахәшьарақәеи азыԥшрақәеи, иара убас еилыркааит апартиа алхратә планқәа зеиԥшроу.
Аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла апарламент Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе, апарламент Аҵареи, аҵарадырреи аҿари ркомитет ахантәаҩы Гиви Миқанаӡеи.