Шьалуа Папуашвили Лихтенштаин аҳра апарламент ахантәаҩы Альберт Фрик диҧылеит
Шьалуа Папуашвили Лихтенштаин аҳра апарламент ахантәаҩы Альберт Фрик диҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Лихтенштаин аҳра апарламент ахантәаҩы Альберт Фрик диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, ақырҭуа делегациа Лихтенштаин аҳраҿ раҧхьатәи рофициалтә визит ҩ-тәылак рпарламенттәи рхәаахәҭратәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит.

Апарламент ахантәаҩы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны  ҩ-тәылак рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура далацәажәеит. Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, Европатәи ахеилак аминистрцәа ркомитетаҿ Лихтенштаин ахантәаҩраан иҳәаақәҵоу аҧыжәарақәа ирзыразуп.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа апарламенттә усеицуреи, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апартниорреи, евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла апрогреси, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла арегионқәеи Амшын еиқәа арегиони рҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу  апроблемақәеи ирылацәажәеит.