Шьалуа Папуашвили – Лаҵара  17 рзы миллионҩыла Қырҭтәыла атәылауаа адәахьы иандәылҵ, фактла иуҳәозар,  аконституциатә проектқәа рзы ареферендум мҩаҧган  
Шьалуа Папуашвили – Лаҵара  17 рзы миллионҩыла Қырҭтәыла атәылауаа адәахьы иандәылҵ, фактла иуҳәозар,  аконституциатә проектқәа рзы ареферендум мҩаҧган  

Қырҭтәыла аконституциатә закәанпроектқәа зегьирзеиҧшу рыхәаҧшра иазку Аиҿкааратә комиссиа агәаанагарала,  аконституциатә закәанпроектқәа рыхәаҧшразы иҟоу аҳәарақәа зегьы нагӡоуп, зыӡбахәы ҳәоу аконституциатә закәанпроектқәа апарламент апленартә аилатәараҿы рыхәаҧшразы имазеиуп, — иҳәеит апарламент ахантәаҩы, зегьирзеиҧшу жәлартә ахәаҧшра аиҿкааратә комиссиа ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили апарламент аилатәараҿы, иахьа иара адепутатцәа  акомиссиа аусура иазку аҳасабырба рызцәыригеит.

2024 шықәса мшаҧы 3 рзы Қырҭтәыла апарламент  83ҩык адепутатцәа, азакәанҧҵаратә инициатива аҳасабала, ицәырыргеит  «Қырҭтәыла Аконституциа аҧсахрақәа алагалара иазку» азакәанпроекти  «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәанпроекти.

Аиҿкааратә комиссиа абарҭ арегионқәа рҿы аиҧыларақәа мҩаҧнагеит: Қәҭешь,  Амбролаури, Озургеҭи, Баҭым,  Жәыргьыҭ,   Местиа, Русҭави, Ҭелави, Борџьоми,  Гори, Қарҭ.

Иара убас, лаҵара  16 рзы Қарҭ арелигиатә конфессиақәа рхаҭарнакцәа рҟны аиҧылара  мҩаҧган.

«Убри аҟынтә, аиҿкааратә комиссиа, азакәан ала иазҧхьагәаҭоу аконституциатә закәанпроектқәа зегьирзеиҧшу  рыхәаҧшра хыркәшоуп ҳәа иҧхьанаӡеит», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы.