Шьалуа Папуашвили - Кирбали иҟалаз ахҭыс иадҳәаланы жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рреакциеи рыхәшьараҭареи ацәгьоуцәа рахьырхәреи ҳарзыԥшуп, ари ахырхарҭала аиҳабыра аусзура активрала иаҿуп
«2008 шықәсазы Евроеидгыла абжьаҟазарала ахымца аанкылара иазкыз аиқәшаҳаҭра ҳнапқәа аҵааҩит, ари аиқәшаҳаҭра иахьагьы нагом, убри аҟынтә жәларбжьаратәи аиҩызара Урыстәыла ақәыӷәӷәара дырӷәӷәароуп», — иҳәеит Қырттәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылараҿ Кирбали ақыҭа иазааигәаны аҭыҧантәи анхаҩы ишьра иахцәажәеит. Папуашвили иашзгәеиҭаз, Ҭамаз Гинтури ишьҩцәа рхьырхәра аҭахуп.
Қырттәыла апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз, иаха Ергнеҭи имҩаԥгаз аиԥылараҿ, ари азҵаара иқәдыргылеит.
«Кирбали иҟалаз ахҭыс иадҳәаланы жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рреакциеи рыхәшьараҭареи ацәгьоуцәа рхьырхәреи ҳарзыԥшуп, ари ахырхарҭала аиҳабыра аусзура активла иаҿуп. Иацы иҟалаз ахҭы́с ампыҵахалара аҵшәа бааԥ аус, убри аҟынтә ампыҵахалара ихыркәшатәуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.