Ҳара Украина ҳҩызцәа ҳарҭааит Украина адгылара ааҳарԥшырц азы. Даҽакала ҳалшомызт, ҳажәдарқәа даараӡа иазааигәоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Украина, Рада ахантәаҩы иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, Урыстәыла аибашьра аҟәыҵроуп, Украина атерриториатә акзаареи, украинатәи жәлар рҭахреи пату ақәнаҵароуп.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы украинатәи иколлега аибашьреи есымшатәи абомабқәыжьрақәеи ирыхәамԥшыкәа адкыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.