Шьалуа Папуашвили - Израиль аганахьала имҩаԥгаз зыриашара ҟамло, игәымбылџьбароу, ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәым агрессиа адкыра ҟалом, ақырҭуа жәлар аиашьаратә Израиль адгылоит
Шьалуа Папуашвили - Израиль аганахьала имҩаԥгаз зыриашара ҟамло, игәымбылџьбароу, ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәым агрессиа адкыра ҟалом, ақырҭуа жәлар аиашьаратә Израиль адгылоит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Израиль аҭыԥ змоу ахҭысқәадрыхцәажәоит.

„Израиль аганахьала имҩаԥгаз зыриашара ҟамло, игәымбылџьбароу, ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәым агрессиа адкыра ҟалом, ақырҭуа жәлар аиашьаратә Израиль адгылоит“, –иҩит Папуашвили асоциалтә каҭаҿы.

Израиль, аракетатә жәыларақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡеит, хәҩык ахәрақәа роуит. Ажәыларазы аҭакԥхықәра ахахьы агеит аҵысра “Ҳамас”. Аракетатә жәылара иалагаанӡа Израиль аҵакырахь иасит палестинатә аибашьцәа ргәыԥқәа. Израиль Атәылахьчаратә мчқәа арратә ҭагылазаашьа рыларҳәеит.