Шьалуа Папуашвили изаамҭаным аилатәара ааҧхьааразы аоппозициа иҟарҵаз аҳәара дақәшаҳаҭым
«Аоппозициатә лидерцәа реиҳаара аҳәаанырцә иҟоуп, дара реалра изааамҭаны асессиа ааҧхьра рҭахауп ҳәа сгәы иаанагом, ари асессиа изакәызаалак ҵакык амам», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили апарламент изаамҭаным асессиа ааҧхьара азҵаара даналацәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, дара апарламент ҧсшьара иҟоушәа ауп ишцәажәо. Папуашвили иҳәамҭала арадикалтә оппозициаа роуп зыҧсы зшьо.
«Азакәанпроектк шцәырыргаз саҳаит, абри аҩыза азнеишьа аполиаризациа арҕәҕәара иацхраауеит. Евроеидгыла ишҳарҳәаз ала, ари апроцесс аинклиузивтә ҟазшьа амазароуп, аидеиақәа зегьы ҳаицны ҳрылацәажәароуп. Шәааи иаартны иаҳҳәап, апарламенттә аиҳара рыда аоппозициаа изакәызаалак закәанпроектк изалацәажәом. Убри аҟынтә, ари апроцесс алахәызаара ада уаҳа мҩак рымам. Дара апарламент ҧсшьара иҟоушәа ауп ишцәажәо. Арадикалтә оппозициаа роуп зыҧсы зшьо», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.