Ихадоу аполитикатә аӡбара рыдыркылеит, Қырҭтәыла ари аџьаба ду иабзоураны аиуит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
“Қырҭтәыла зегьы адысныҳәалоит Европатәи ахеилак аӡбарала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус ахьанашьоу. Ихадоу аполитикатә аӡбара рыдыркылеит, Қырҭтәыла ари аџьаба ду иабзоураны аиуит.
Иара убас рыдысныҳәалоит Украинеи Молдовеи аиҿцәажәарақәа ралагара иазкны аӡбара адкылара ахҭыс“, – иазгәеиҭеит Папуашвили.
Европатәи ахеилак аӡбарала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп.