Шьалуа  Папуашвили – Ишубарҭоу ала,  аоппозициеи уи иадҳәалоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи ОБСЕ аҳасабырба ргәы канажьит, избанзар, дара алхрақәа рзы акәымкәа, анеҩстәи амш азы рҽазыҟарҵоит  
Шьалуа  Папуашвили – Ишубарҭоу ала,  аоппозициеи уи иадҳәалоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи ОБСЕ аҳасабырба ргәы канажьит, избанзар, дара алхрақәа рзы акәымкәа, анеҩстәи амш азы рҽазыҟарҵоит  

«Аганқәа зегьы, аоппозициаа рхаҭагьы ишьақәдырҕәҕәоит алхраҧхьатәи акампаниа ҭынч ишымҩаҧысуа, аоппозициаа уи иаргәамҵуеит,  ОБСЕ/БДИПЧ аҳасабырбагьы ишьақәнарҕәҕәеит алхраҧхьатәи аҭагылазаашьа шҭынчу», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла,  ОБСЕ аргама иаанацҳаит асистематә проблемақәа шыҟам.

«Ишубарҭоу ала, аоппозициеи уи иадҳәалоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи ОБСЕ аҳасабырба ргәы канажьит, избанзар, дара алхрақәа рзы акәымкәа, анеҩстәи амш азы рҽазыҟарҵоит .  Дара административтә ресурс ахархәара, амассатә хархәагақәа рықәыҕәҕәара,  амчылара уҳәа,  абарҭ азҵаарақәа ирызкны имцырку аинформациа аларҵәара рҽазыркуеит, аха,  арҭ азҵаарақәа ирыдҳәаланы ОБСЕ аргама иаанацҳаит асистематә проблемақәа шыҟам», — иҳәеит  Папуашвили.