Шьалуа Папуашвили – Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рартызаара абазатә ҭҵаарақәа шьақәдырҕәҕәеит мызқәак ирылагӡаны атәыла аганахьала адезинформациатә жәылара шымҩаҧысуаз
«Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рартызаара абазатә ҭҵаарақәа шьақәдырҕәҕәеит мызқәак ирылагӡаны атәыла аганахьала адезинформациатә жәылара шымҩаҧысуаз», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
Папуашвили иажәақәа рыла, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа инарываргыланы, ари апроцес иалахәын рдонорцәагьы, дара ақырҭуа жәлари аиҳара ахаҭарнакцәеи агәра ддыргон зегьы шаарту, ажәлар зегьы шырдыруа.
« Аартызаара иазку азакәан иаҿагылаз даҽа 500 иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа цәырҵит. Урҭ рыхәҭак ареестр аҿы арегистрациа ҳахысуам ҳәа рҳәеит. Ҳара ҳахәаҧшын, арҭ аиҿкаарақәа рҟынтә 80 наӡына ироуа агрант заҟароу шаҳзымдыруа еилаҳкааит. 97 наӡына ауаажәларратә хаҭарнакцәа ҳауп ҳәа рҳәеит, аха, дара шықәсыкахь зныкгьы ажәлар рҿаҧхьа аҳасабырба цәыррымгеит. Ҳара лабҿаба иаабеит арҭ аиҿкаарақәа реиҳара аҧара ахьынтәааргогьы, иҟарҵогьы шаҳзымдыруа.
Ҳара быжь-компонентк рыла ишьақәгылоу абазатә информациа ҳбеит: асаит ирымоу ирымаму, аҧара ахьынтәаарго, агрент заҟароу, уҳәа, уб. егь.. 474 аиҿкаарақәа рҟынтә ааба заҵәык аинформациа наӡа цәырыргеит. 99 наӡына зынӡаскгьы абазатә информациа рымам. Аиашаз, дареи рдонорцәеи афинансқәеи аҧара шнырхои иазку аинформациа аргаматәра иазҿлымҳам», — иҳәеит Папуашвили.