Шьалуа Папуашвили – Иҳаҩсыз ашықәс ишахәҭаз еиԥш ҳахысит, аҭынчра, аҭышәынтәалара реиқәырхара ҳалшеит, убри аҟынтә 2023 шықәса иаҳа ирацәаны  мышхәбзазареи ҳзаанагап ҳәа ҳгәыӷуеит
Шьалуа Папуашвили – Иҳаҩсыз ашықәс ишахәҭаз еиԥш ҳахысит, аҭынчра, аҭышәынтәалара реиқәырхара ҳалшеит, убри аҟынтә 2023 шықәса иаҳа ирацәаны мышхәбзазареи ҳзаанагап ҳәа ҳгәыӷуеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ауааԥсыра апарламент ахьӡала иаауа Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рыдиныҳәалоит.

Папуашвили ишазгәеиҭаз ала,  2022 шықәса атәыла  ишахәҭаз еиԥш ахысит, аҭынчра, аҭышәынтәалара реиқәырхареи аҭоурыхтә уадаҩрақәа рыҿагылареи алшеит.

«Ҳтәылауаа, апарламент ахьӡала иаауа Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи шәыдысныҳәалоит! 2023 шықәса шәари ҳтәылеи аиааиреи алшара бзиақәи ҳзаанагааит. Ҷыдала рыдысныҳәалоит аԥсуааи ауаԥси ҳтәылауаа. Ҳара иаҳзеиԥшу адацқәеи аҭаацәарақәеи ҳамоуп, абзиареи ацәгьареи раан еснагь ҳаидгылан. Иаауа ашықәс ҳаидҵареи аҭынчратә ҳаицынхареи рахь иҟаҳҵо даша шьаҿаны шыҟало агәра згоит.

Иҳацәцаз ашықәс ишахәҭаз еиԥш ҳахысит, аҭынчра, аҭышәынтәалара реиқәырхара ҳалшеит, аҭоурыхтә ақәҿиарақәа ҳаман. Қырҭтәыла европатәи аперспектива аиуит, Европа алалара амҩа ақәлеит. Убри аҟынтә 2023 шықәса иаҳа ирацәаны абзиареи мышхәбзазареи ҳзаанагоит ҳәа ҳгәыӷуеит!» – Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.