Шьалуа Папуашвили - Иԥхьашьароу акампаниа иалахәыз европарламентарцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, Қырҭтәыла иаҿагыланы имҩаԥырго акампаниа аанкыланы, иԥхасҭартәыз аус дыриашарц
Шьалуа Папуашвили - Иԥхьашьароу акампаниа иалахәыз европарламентарцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, Қырҭтәыла иаҿагыланы имҩаԥырго акампаниа аанкыланы, иԥхасҭартәыз аус дыриашарц

Саакашвили иус иԥхашьароу аԥышәа ала, Европарламент аҿы алабҿабареи аартызаареи ркампаниа схы аласырхәырц сҭахуп, – иануп Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла, атәымтә агентцәа рҭаҩра америкатә азакәан  (FARA) авебдаҟьа ианылаз адырра ҿыц ԥасатәи ахада Саакашвили ихьӡала адунеи аҿы имҩаԥысуаз алобисттә кампаниа иазкуп.

„FARA инылаз адырра ала иубарҭоупҚырҭтәыл акритика ахьаныз  Европарламент арезолиуциақәа, қьырала иргаз алобистцәа шырҩуаз”, – иазгәеиҭоит Папуашвили.

Апарламент ахантәаҩы игәаанагарала,  FARA адокумент ҽыцқәа ирыбзоураны ареалра даҽакала иаарԥшхоит.

„Иԥхьашьароу акампаниа иалахәыз европарламентарцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, Қырҭтәыла иаҿагыланы имҩаԥырго акампаниа аанкыланы, иԥхасҭартәыз аус дыриашарц”, -иҩуеит Шьалуа Папуашвили.

ЕАШ аиустициа адепартамент Гиули Аласаниеи Михеил Саакашвилии қьырала иргаз алобисттә еилахәырақәеи урҭ русзуреи иазку адыррақәа аланарҵәеит. Адокумент аҿы ишану ала, алобисттә аилахәыра “Акерман” фымзтәи аҳасабырбатә период аан еиуеишым активрақәа мҩаԥнагеит.

ЕАШ аиустициа адепартамент авебдаҟьа ианылаз адыррақәа рыла, алобисттә аусзуразы иршәеит 96393 доллар. Аԥара зшәаз иреиуп Гиули Аласаниа, Ҭемур Аласаниа, аилахәыра “Акерман”. Урҭ рҟынтә зегь реиҳа ирацәаны аԥара ишәеит Ҭемур Аласаниа -32 нызқь доллар. Аилахәыра “Акерман” аҳа́сабырбаҿ ишану ала, урт Михеил Саакашвили алобисттә маҵзура изаарԥшразы, Ҭемур Аласаниа иҟынтә 75 451 доллар роуит.