Шьалуа  Папуашвили – Ҳтәылаҿ ауникалтә хыбра аргылара  даараӡа сеигәырҕьоит, уи Актәи аканал аҩноуп, абри ауп ихадоу, ҳара ашәышықәса ахҭыс ҳахаануп   
Шьалуа  Папуашвили – Ҳтәылаҿ ауникалтә хыбра аргылара  даараӡа сеигәырҕьоит, уи Актәи аканал аҩноуп, абри ауп ихадоу, ҳара ашәышықәса ахҭыс ҳахаануп   

Ҳтәылаҿ ауникалтә хыбра аргылара  даараӡа сеигәырҕьоит, уи Актәи аканал аҩноуп, абри ауп ихадоу, ҳара ашәышықәса ахҭыс ҳахаануп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент аспикер Шьалуа Папуашвили Актәи аканал ахыбра ҿыц аартра ацеремониаҿы данықәгылоз.

Папуашвили иажәақәа рыла, ари ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы амоуп.

«Актәи аканал азкызаара ҷыда амоуп, аҧыза-министр ишиҳәаз еиҧш, уи Аконституциала ишьақәырҕәҕәоуп. Адезинформациала иҭәу иахьатәи адунеиаҿ ҳаргьы аинформациатә епоха ҳалахәып, аинформациа, абзиарагьы ацәгьарагьы еиҟараны иахылҵыр ауеит.  Ауаажәларратә дырраҭара аҵакы ҷыда анашьоуп ауаажәларра аобиективтә информациа рыҭара аганахьала», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.

Иахьа, агәырҕьаратә ҭагылазаашьаҿы, аофициалла, Қырҭтәыла Актәи аканал ахыбра ҿыц аадыртит.