Шьалуа Папуашвили  - Ҳнапхгара рыбзоурала, ҳтәыла Урыстәыла иаҿагыло жәларбжьаратәи азинтә даҽа аиааирак агеит
Шьалуа Папуашвили  - Ҳнапхгара рыбзоурала, ҳтәыла Урыстәыла иаҿагыло жәларбжьаратәи азинтә даҽа аиааирак агеит

Страсбургтәи ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аӡбарҭа ақәҵара иахьатәи амш азы ацәыргара асимволтә ҵакы амоуп, – иазгәеиҭеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили  2008 шықәсатәи аибашьра ашьҭахь иалагаз абордеризациа апроцесс амшала ауаа рзинқәа реилагара иазку Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара данахцәажәоз.

Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, ари ақәҵара  азинтә бџьар ҕәҕәоуп аҭоурыхтә аиашара аиҭашьақәыргылареи Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рдеокупациеи азыҳәан.

„Страсбургтәи ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аӡбарҭа ақәҵара иахьатәи амш азы ацәыргара асимволтә ҵакы амоуп.

Страсбургтәи аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит урыстәылатәи ампыҵахалараан ауаҩытәыҩса изинқәа еиҧҟьарада ишеиларго.

Ари ақәҵара  азинтә бџьар ҕәҕәоуп аҭоурыхтә аиашара аиҭашьақәыргылареи Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рдеокупациеи азыҳәан.

Ҳнапхгара рыбзоурала, ҳтәыла Урыстәыла иаҿагыло жәларбжьаратәи азинтә даҽа аиааирак агеит,” – иҩит Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.