Шьалуа Папуашвили – Ҳара, ақырҭуа жәлари урҭ рнапхгареи ажәа ҳарҭеит атәым финансыркра ишаартызаауа азы, дара ҳаржьеит, аартызаара – аҳәынҭқарратә шәарҭадара иадҳәалоу зҵаароуп
«Ҵыҧх ҳара, ақырҭуа жәлари урҭ рнапхгареи, ажәа ҳарҭеит атәым финансыркра шаартызаауа азы, аха, ҳара ҳаржьеит. Аартызаара ду ацынхәрас аркызаара ду ҳауит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.
Апарламент ахантәаҩы ишиҳәаз ала, шықәсык иалагӡаны иара ихаҭа адонорцәеи адипломатиатә миссиақәеи зегьы дырҧыланы, агәра диргар иҭахын аартызаара – адонор иҭаххара акәымкәам, иҧхықәра шакәу.
«Жәларбжьаратәи цхыраара иазку Парижтәи адекларациа инақәыршәаны, адонор, иара иҟаиҵо афинанстә цхыраара иахылҵуа алҵшәақәа рзы апартниорцәа рҿаҧхьа аҭак иҧхықәуп. Шықәсык иалагӡаны сара схаҭа адонорцәеи адипломатиатә миссиақәеи зегьы сырҧыланы, агәра дсыргар сҭахын аартызаара – адонор иҭаххара акәымкәа, иҧхықәра шакәу. Аҵыхтәаны, рызынтәгьы иазхарҵеит Қырҭтәыла иҟоу фондқәак рфинансыркра шырҵәахуа, аха, рыцҳарас иҟалаз, ари аганахьала изакәызаалак алҵшәак ҳмоуит. Аартызаара ду ацынхәрас аркызаара ду ҳауит.
Уи еиҳангьы, аҵыхәтәантәи ашықәс азы ишеилкаахаз ала, аполитикатә партиақәеи арадикалтә гәыҧқәеи абарҭ афондқәа рҟынтә аҧара роуеит. Ишеилкаахаз ала, Молотов икоктеильқәа зырмазеиуаз, ауаа збылуаз арадикалтә аиҿкаара «Ҧхашьароуп» аҧара аиуеит Америка атәылауааи Евроеидгылеи рҟынтәи. Ҳара абри зегьы еилаҳкааит, аха, аартызаара аганахьала изакәызаалак алҵшәак ҳмоуит, убри аҟынтә, аҳәынҭқарра абри аартызаара аиқәыршәара иауалуп», — иҳәеит Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, атәым финансыркра аартызаара аҳәынҭқарра аекономикатәи аполитикатәи шәарҭадара иадҳәалоу зҵаароуп, убри аҟынтә, ақырҭуа жәлари дара иалырхыз анапхгареи мацара роуп ашәарҭадара азҵаарақәа зыӡбаша.