Шьалуа Папуашвили  — Германтәыла анапхгара, ақырҭуа жәлари Германтәыла апарламенти ирцәыҵәахны,  Қырҭтәыла иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҧара ду рыларҵеит, уи илаҟәӡоу стандартуп
Шьалуа Папуашвили  — Германтәыла анапхгара, ақырҭуа жәлари Германтәыла апарламенти ирцәыҵәахны,  Қырҭтәыла иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҧара ду рыларҵеит, уи илаҟәӡоу стандартуп

«Ҵыҧх Германтәыла анапхгара, ақырҭуа жәлари Германтәыла апарламенти ажәлари ирцәыҵәахны,  Қырҭтәыла иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҧара ду рыларҵеит, уи илаҟәӡоу стандартуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, ареволиуциа еиҿызкаар зҭахыз иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхәҭак Германтәылантә аҧара роуан.

«Германтәыла анапхгара Германтәыла апарламент иарҭаз аҭак џьоушьаратәы иҟоуп. Уи ҳара ҳҿы иҟалазҭгьы,  — аоппозициаа аиҳабыра иразҵаауан, аиҳабыра – аинформациа ҳамоуп аха ицәыраагом ҳәа рҳәон.  Усҟан аоппозициаа иҟарҵоз  схахьгьы исзаагом, аҳәаанырцәынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи тәылақәак рыцҳаражәҳәаҩцәеи. Уи аартызаареи аҳасабырбареи апринципқәа реилагароуп ҳәа рҳәон.

Ҳара лабҿаба иаабеит Германтәыла аиҳабыра  апартиа адепутат ари аинформациа ишицәырҵәахыз. Убри аҟынтә, дара аартызаареи аҳасабырбареи ианалацәажәо, уи егьырҭ ирызкызаап. Уи угәы ҧызжәаша фактуп  — аиҳабыра, дара ирхылаҧшуа аорган аҟынтә аинформациа рҵәахуеит.

Дара Қырҭтәыла анапхгара иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирышьҭацалоушәа, ирықәыҕәҕәоушәа, дара урҭ рыхьчара рҭахызшәа рҳәеит. Уи гаӡароуп, уи ала амзызҵәҟьа рҵәахыр рҭахуп. Арҭ адыррақәа абиуџьетқәа рҿгьы иубарҭоуп. 2024 шықәсазы, алхрақәа раҧхьа, Германтәыла абиуџьет аҟынтә ақырҭуа иәҳынҭқарратәым аиҿкаарақәа зеиҧшҟамлац ала ирацәаны аҧара рзоушьҭын, лабҿаба иубарҭан уи ишиашо алхратә кампаниа аҽалагалареи алхрақәа рышьҭахь ареволиуциеи анапхгара рыхҳәареи аҽазкреи шакәыз», — иҳәеит  Папуашвили.