Шьалуа Папуашвили - Ганк аҿы иҟоу ақырҭуа ажәлар, анапхгара, ауахәама аиааира ду иазгәарҭоит, даҽа ганк аҿы иҟоуп ажәлари, анапхгареи, ауахәамеи ирҿагыло зыԥсахы еибку аоппозициа
Қырҭтәылазы ихадароу, аҭоурыхтә ҵакы змоу аетапқәа зегь рҿы ажәлари, Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа уахәамеи еидгылароуп, ари аҵак ду амоуп. Ари ала иубарҭоуп Қырҭтәыла ииашоу амҩа шанылаз, – иҳәит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ауахәамеи европатәи ацивилизациеи еимадара ӷәӷәа рыбжьан. Европа ҳанахцәажәо, раԥхьаӡа иргыланы Европа ақьырсиантә культура ҳгәалаҳаршәыроуп.
„Аоппрзициаа ирыкны абри ауп исҳәо. Апаргиналтә оппозициаа адемокртиа аҵакы цқьа еилыркаауам. Анапхгараҿы ажәлар иалырхыз, ажәлар рымшхәбзазаразы аус зуа, ажәлар рыхьӡала аус зуа анапхгара аныҟоу – абри ауп адемократиа. Абри ауп адемократиа ашьаҭтәи принцип. Аиҟәшара иарбанзаалак аҽазкра – урысәылатәи наративуп. Ганк аҿы иҟоу ақырҭуа ажәлар, анапхгара, ауахәама аиааира ду иазгәарҭоит, даҽа ганк аҿы иҟоуп ажәлари, анапхгареи, ауахәамеи ирҿагыло зыԥсахы еибку аоппозициа ,“ – иҳәеит Папуашвили.