Шьалуа Папуашвили Франциатәи ареспублика Сенат аделегациа дырҧылеит
Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Франциатәи ареспублика Сенатаҿ иҟоу европатәи аусқәа рзы акомитет аделегациа алахәылацәа дырҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит апарламент апресс-маҵзура.
„Шьалуа Папуашвили ҩ-тәылак рпарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Иара убас, Папуашвили ҵыҧх қәҿиарала Франциа имҩаҧигаз авизит дазааҭгылеит.
Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессгьы иалацәажәеит. Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, агеополиткиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, Қырҭтәыла қәҿиарала аҿиара иаҿуп, уи убарҭоуп жәларбжьаратәи ареитингқәа рылагьы.
Аиҧылара рхы аладырхәит аусхкытә економикеи аекономикатә политикеи рзы акомитет ахантәаҩы, Франциа апарламент аҟны аиҩызаратә гәыҧ анапхгаҩы Давиҭ Сонҕулашвилии Евроинтеграциазы акомитет ахантәаҩы Мика Боҷоришаивлии“, – иануп апарламент апрессмаҵзура аинформациаҿы.