Шьалуа  Папуашвили – Франциа зегьы ирыԥхьаӡоит Қырҭтәыла акандидат астатус амҭара ииашамызт ҳәа
Шьалуа  Папуашвили – Франциа зегьы ирыԥхьаӡоит Қырҭтәыла акандидат астатус амҭара ииашамызт ҳәа

 

«Қырҭтәыла акандидат астатус аҭара азҵаара анырыӡбо Франциа иҳадгылап ҳәа ҳгәыҕуеит», – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Франциа ивизит алҵшәақәа данрыхцәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, Франциагьы егьырҭ атәылақәа рҿгьы зегьы ргәы иаанагоит Қырҭтәыла акандидат астатус амҭара ииашамызт ҳәа.

«Азеиҧш гәалаҟазаара даараӡа ибзиоуп. Уажәы Франциа ҽакала иҳахәаҧшуеит. Убри аҟынтә,  Қырҭтәыла акандидат астатус аҭара азҵаара анырыӡбо Франциа иҳадгылап ҳәа ҳгәыҕуеит.  Егьырҭ атәылақәа рҿгьы ишаабаз ала, рызынтәгьы ргәы иаанагоит Қырҭтәыла акандидат астатус амҭара ииашамызт ҳәа. Рызынтәгьы ибзианы еилыркаауеит Қырҭтәыла Ассоциациатә трио аҿы аҧхьагылара шамоу», — иҳәеит  Папуашвили.