Шьалуа Папуашвили – Европати алидерцәа рҟынтә раҧхьаӡа акәны иҳаҳаит иарбанзаалак аҭынчратә план  Украинеи Европеи рықәшаҳаҭрала еиқәыршәазароуп ҳәа, убри аҟынтә, Евроеидгыла тәылақәак рхатә интересқәа рымоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит
Шьалуа Папуашвили – Европати алидерцәа рҟынтә раҧхьаӡа акәны иҳаҳаит иарбанзаалак аҭынчратә план  Украинеи Европеи рықәшаҳаҭрала еиқәыршәазароуп ҳәа, убри аҟынтә, Евроеидгыла тәылақәак рхатә интересқәа рымоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит

Уаанӡа ишырҳәоз ала, иарбанзаалак аҭынчратә план Украина ақәшаҳаҭрала еиқәыршәазароуп ҳәа, уажәы, ишубарҭоу ала, уи Европагьы иацлеит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иҳәамҭала, европатәи тәылақәак  ари аибашьра иадҳәаланы рхатә интересқәа шрымоу убарҭоуп.

„Арҭ аинтересқәа еиуеиҧшым аформақәа рыла иаадырҧшуан  – Балтиатәи атәылақәа Украина аибашьра ахьынӡацо ҳара ашәарҭара  ҳҭагылам ҳәа рҳәон, убри азоуп европатәи тәылақәк Украина аибашьра анагӡара изазҿлымҳау. Егьырҭ атәылақәагьы рхатә интересқәа рымоуп. Аха, араҟа акоуп ихадоу – арҭ атәылақәа рхаҭа ари аибашьраҿ  еибашьыр рҭахым. Иацы ишырҳәаз ала, иарбанзаалак аҭынчратә план Украина мацара акәымкәа, Европагьы ақәшаҳаҭрала еиқәыршәазароуп, избанзар, ишырҳәаз ала, Евроеидгылагьы ари аибашьра иалахәып. Нас, зҵаарак ҳазцәырҵуеит, Украина иарҭаз  аасҭа  иаҳа ирацәаны аҧара Урыстәыла изаларҵеи. Аибашьра алагара инаркны Украина иазоурышьҭит 181 миллиард евро, аха, аенергоаиқәыршәара аусхкы мацараҿ Урыстәыла  210 миллиард азыршәеит. Зынӡа Урыстәыла иаларҵеит  310 миллиард, Украина аасҭа  130 миллиардла иаҳа ирацәаны. Насгьы, Евроеидгылагьы ари аибашьра иалахәып ҳәа ирыҧхьаӡозар, Евроеидгыла ақәшаҳаҭрада аплан аиқәыршәара ҟалом ҳәа ргәы ианаагозар,  европаа ари аибашьраҿ изеибамшьуеи, ршьа зкарымҭәои, ари аибашьраҿы украинаа мацара изҭахои, дара рфырхаҵара абзоурала мацара ари аибашьра зынагӡои“, – иҳәеит Шьауа Папуашвили.