Шьалуа Папуашвили - Европарламент ахь алхрақәа рацҳамҭа хада ауп атәыла аинтересқәа ирызԥхьагәаҭаны азеиԥш европатәи аинтересқәа ирызкны аиқәшаҳаҭхара
Европарламент ахь алхрақәа рацҳамҭа хада ауп атәыла аинтересқәа ирызԥхьагәаҭаны азеиԥш европатәи аинтересқәа ирызкны аиқәшаҳаҭхара, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, атәыла алахәылацәа рҿы имҩаԥгаз алхрақәа рыла иубарҭоуп, аҿар ртәылақәа рԥеиԥш ишазхәыцуа.
“Европарламент аҿы имҩаԥгаз алхрақәа рыла иубарҭоуп аконсервативтә апртиақәа иаҳа-иаҳа шыӷәӷәахо. Арҭ алхрақәа ирыхҟьаны, Франциа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаԥыргоит, Бельгиа аԥыза-министр инапынҵақәа шьҭеиҵеит, Германтәыла анапхгаратә коалициа ахԥатәии, аԥшьбатәии, ахәбатәии ҭыԥқәа ааннакылеит.
Европарламент ахь алхрақәа рацҳамҭа хада ауп атәыла аинтересқәа ирызԥхьагәаҭаны азеиԥш европатәи аинтересқәа ирызкны аиқәшаҳаҭхара. Атәыла алахәылацәа рҿы имҩаԥгаз алхрақәа рыла иубарҭоуп, аҿар ртәылақәа рԥеиԥш ишазхәыцуа”, — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.