Шьалуа Папуашвили - Европа ахьӡала атәылаҿы аибарххара уанадгыло, Европа аҭынчратә проект аҳасабла аарԥшра иулшом
Шьалуа Папуашвили - Европа ахьӡала атәылаҿы аибарххара уанадгыло, Европа аҭынчратә проект аҳасабла аарԥшра иулшом

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, уи  Лиетува апарламент алахәыла Жигимантас Павилионис дызхагылоу атәым тәылақәа рпарламентқәа рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ аҟны аиԥылара мап ацәикит.

Папуашвили асицалтә каҭаҿы арҭ ахаҿқәа ирзиҩыз ашәҟәы алаирҵәеит.

“Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла Лиетува апарламент алахәыла Жигимантас Павилионис дызхагылоу атәым тәылақәа рпарламентқәа рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ иаҭаауеит. Ари агәыԥ сареи ҳпарламент алахәылацәеи рҟны аиԥылара рҭахын, аха мап расҳәан ари амзыз иазкыз ашәҟәы ирзызҩит.

Евроеидгыла иалоу тәылақәак рпарламенқәа рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылоу аделегациа Қырҭтәыла ахьаҭаас џьасымшьеит. Аха урҭ Қырҭтәыла аполитикатәи апарламенттәи напхгара рҟны аиԥылара ахьырҭахыз џьасшьеит, урҭ Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа уаажәларреи рганахьала изныкымкәа иахәҭам рызныҟәара аадырԥшит.

Қырҭтәыла анапхгара Евроеидгыла ирелеванту, аинтерес змоу аганқәа зегьы рҟны адиалог иадгылоит, аха ари иахәамԥшыкәа, ари агәыԥ аҟны аиԥылара ҳзмыҩаԥаагом.

Европа ахьӡала атәылаҿы аибарххара уанадгыло, Европа аҭынчратә проект аҳасабла аарԥшра иулшом.

Қырҭтәыла ауаажәларра жьҭаара 26 азы имҩаԥгаз алхрақәа рҿы атәым тәылақәа рҽалагаларазы иахәҭаз аҭак ҟарҵеит – “Ақырҭуа гәахәтәы” даҽазныкгьы аиааира ду агеит.

Алхрақәа мап рыцәкра, алхыҩцәа рыбжьы мап ацәкра – аоппозициа ари амҩа ианылеижьҭеи кыршықәса ҵуеит. Аха ақырҭуа уаажәларра европатәи аполитикцәа адемократиа шаҿагыло анырбо,  ари Евроеидгыла аганахьала ирымоу агәрагара иарԥсыҽуеит”, – иануп Шьалуа Папуашвили иҳәамҭаҿы.