Шьалуа Папуашвили – Еврокомиссиа аспикер жьҭаара 4 рзы зымҩаҧгара ргәы иҭоу ахҳәаратә акциа дазыразуп, уи катастрофоуп, убри аҽны амчылара ҟалар, даргьы уи азы аҭак рыҧхықәзаауеит
«Еврокомиссиа аспикер аргама аалыцҳаит Еврокомиссиа Леван Хабеишвилии жьҭаара 4 рзы «Амилаҭтә ҵысра» зымҩаҧгара ргәы иҭоу акциеи ишадгыло. Бриуссельынтә уи саназыӡырҩуаз ихасҵомызт», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, уи катастрофоуп, убри аҽны амчылара ҟалар, даргьы уи азы аҭак рыҧхықәзаауеит.
«Дара амчылара иазкны заанаҵы аргама аҳәамҭа ҟарҵеит, жьҭаара 4 рзы атәыла анапхгара рыхҳәара шырҭаху рҳәеит, уи мчылароуп. Абри ауп аус злоу. Сымҩашьозар, иацы Еврокомиссиа апресс-маӡаныҟәгаҩ аҳәамҭа ҟалҵеит. Еврокомиссиа аспикер жьҭаара 4 рзы зымҩаҧгара ргәы иҭоу ахҳәаратә акциа дазыразуп. Изакәызеи изыдгыло. Леван Хабеишвили еиҿикааз атәыла рыхҳәаратә акциа аума дзыдгыло. Жьҭаара 4 рзы, алхрақәа рымшаз, абжьыҭира анымҩаҧысуа аамҭазы, асааҭ в 16:00, дара амчыларатә акциа иалагар рҭахуп, убри аума дзыдгыло? Алхрақәа рымш аҵакы ду амоуп, зегьы алхрақәа рышҟа шәнеины абжьыҭира шәҽалашәырхәыроуп ҳәа имҳәаӡакәа, Еврокомиссиа аспикер Леван Хабеишвилии жьҭаара 4 рзы Амилаҭтә ҵысра имҩаҧыргар ирҭаху амчыларатә акциеи дадгылоит. Бриуссельынтә уи саназыӡырҩуаз ихасҵомызт. Уи катастрофоуп , убри аҽны амчылара ҟалар, даргьы уи азы аҭак рыҧхықәзаауеит. Убри аҟынтә, ақырҭуаа зегьы, иара убас, атәымуаагьы иацтәи аҳәамҭа рхамшҭыр сҭахуп.
Жьҭаара 4 рзы изаәкызаалак мчыларак ҟалар, хаҳәк акәзаргьы, аполицаицәа рхырхарҭала идыршәыр, амчылара факт заҵәык ҟалар — иацтәи аҳәамҭа амшала Еврокомиссиагьы абри амчыларазы аҭак аҧхықәзаауеит. Еврокомиссиаҿы цқьа еилыркаароуп Қырҭтәыла алахәмарра шыҟамло, ақырҭуаа рҧеиҧши, ақырҭуаа ргәабзиареи рыҧсҭазаареи Бриуссель азы ахәмаргас ишыҟамло. Дара иҟоу цқьа ирзеилымкаауазар ҟалап, мамазар, абас шҧарҳәеи, жьҭаара 4 рзы аиҳабыра рыхҳәаратә амчыларатә акциа ҳадгылоит ҳәа ишҧарҳәеи?
Дара «Амилаҭтә ҵысра» адгылара азаадырҧшит. Сара ақырҭшәа ибзианы издыруеит, алитератураҿгьы Ашьауҕатә закәанеидкылаҿгьы ажәа «ахҳәара» иаанаго здыруеит. Қырҭтәыла уи ибзиаӡаны иадыруеит 90-тәи ашықәсқәа рҭоурых ала. Араҟа агаӡацәа иҟам», — иҳәеит Папуашвили.