Шьалуа Папуашвили - Еврокомиссиа аҳасабырбаа цәыргара мышкы шагу Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Қырҭтәыла иахьаҭааз асимволтә ҵакы амоуп
Шьалуа Папуашвили - Еврокомиссиа аҳасабырбаа цәыргара мышкы шагу Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Қырҭтәыла иахьаҭааз асимволтә ҵакы амоуп

Еврокомиссиа аҳасабырбаа цәыргара мышкы шагу Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Қырҭтәыла иахьаҭааз асимволтә ҵакы амоуп, – иҳәеит Қырттәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылараҿ Еврокомиссиа аҳасабырба иахцәажәеит.

„Еврокомиссиа аҳасабырба ҳахцәажәеит, аха зҵаара хаданы иқәгылан Мрагыларатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡагы аусеицуреи, арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьеи, арегион аҟны ашәарҭадара арӷәӷәараҿы Қырҭтәыла ароли, Амырфынтә мҩа ала Европеи Азиеи реимадареи уҳәа уб.егь. ихадароу азҵаарақәа. Уаҵәы апозитивтә ажәабжьқәа шҳамазаауа агәра ҳгоит”, – иҳәеит Папуашвили.

Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Қырҭтәыла иацы иаҭааит. Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евроеидгыла аделегациа дахагылоуп Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыд  Дирк Шубель.  Евроеидгыла ахеилак уажәтәи анапхгаҩы-тәыла ахаҭарнак иаҳасаб ала аделеагциа далуп Габриель Кремадес.