Шьалуа Папуашвили – Еврокомиссиа аӡбара даҽазнык агәра ҳнаргеит ақырҭуа жәлар ахақәиҭразы рықәҧара алҵшәа шахылҵыз, Европаҟа зхы рхоу амҩа аҵыхәанӡа ҳахысуеит
«Уажәааны Еврокомиссиа ицәырнагеит Евроеидгыла иалалар зҭаху атәылақәа ирызку аҳасабырба. Еврокомисиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы абжьагара ҟанаҵеит, сара ари аӡбара иҳаракны ахә сшьоит», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, аҭоурыхтә ҵакы змоу абри аӡбарала, Евроеидгыла ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла европатәи ауаажәларра алахәылас ишыҟало.
«Иахьа европатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи даҽазнык аадырҧшит ҕәҕәала ишҳадгыло. Дара Кавказ европатәи ашьаҭа арҕәҕәаразы раҧхьатәи астратегиатә шьаҿа ҟарҵеит. Иахьатәи амш Қырҭтәыла аҧеиҧш аиҕьтәразы аҵакы ду амоуп. Еврокомиссиа аӡбара аҧсуеи ауаҧси ҳашьцәагьы ирыдкьыслоит, абри ақәҿиара ҳазынтәгьы иаҳзеиҧшуп», — иҩит Папуашвили.