Шьалуа Папуашвили - Евроеидгылеи Нато-и Қырҭтәылантә Урыстәыла аганахьала асанкциа алагалара иаҳәом, ари идҵаны иқәдыргылаз, арратә аекономикатә ашәарҭадара гарантиақәа ҳарҭар акәхарын
Асанкциақәа иабсурдуп, Евроеидгылеи Нато-и Қырҭтәылантә Урыстәыла аганахьала асанкциа алагалара иаҳәом, ари идҵаны иқәдыргылаз, арратә аекономикатә ашәарҭадара гарантиақәа ҳарҭар акәхарын, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили “Арадио хақәиҭра” ажурналист Рикард Иозвиак идырра шьаҭас аҭаны аларҵәара зауз аинформациа иазкны изықәдыргылаз азҵаара иаҭакны. “Арадио хақәиҭра” ажурналист Рикард Иозвиак идыррақәа рыла, “акандидат статус анашьараан идҵа хаданы иқәдыргылоит Урыстәыла асанкциақәа азышьақәыргылара”.
Папуашвили иажәақәа рыла, аоппозициаа рхаҭарнакцәеи иҳәынҭқарратә аиҿкаарақәеи акандидат статус ҳарымҭар аҵыхәтәантәи рҽазкроуп, изларылшо ала ари апроцесс иаԥырхагоуп.
„Урыстәыла аганахьала асанкциақәа рыдкылара Қырҭтәыла аекономика акатастрофа шҭаднаргыло зегьы ибзиаӡаны еилыркаауеит. Иҟаҵаз апрогнозқәа рыла аекономика минус 10% иаҟарахоит, иара убас асанкциақәа Урыстәылаҟны арратә аиҿагылара ахылҵыр ҟалоит, атәыла арратәи аекономикатә аколлапс иалагоит. Аоппозициааи урҭ ирыдгыло агәыԥқәеи ирҭаху иубарҭоуп. Убри аҟынтә џьаьахәыс избоит атәымтә журналист ари азҵаара дахьахцәажәо, араагьы Бриуссель иныҟәо аоппозициаа ралагала иубартоуп“, –иҳәеит Шьалуа Папуашвили.