Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла ахатә хәынаӡарақәа шахьчо, ииашоу, ақәнага шьаҭас измоу аӡбара шаднакыло агәра ҳгоит
Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла ахатә хәынаӡарақәа шахьчо, ииашоу, ақәнага шьаҭас измоу аӡбара шаднакыло агәра ҳгоит

Евроеидгыла ахатә хәынаӡарақәа шахьчо, ииашоу, ақәнага шьаҭас измоу аӡбара шаднакыло агәра ҳгоит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Шьалуа Папуашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Луднаҿ 130 тәыла рхаҭарнакцәеи, 50 апарламентқәа рхантәаҩцәеи апарламентә зықьҩыла алахәылацәеи еизеит.

„Алшара бзиа ҳамоуп ҳара ҳзы ихаду азҵарақәа рыхцәажәаразы. Евроеидгыла аӡбара иазкны срацәажәеит Бельгиеи, Мальтеи, Ирландиеи рпарламнетқәа рхантәаҩцәа рҟы, урҭ рҟынтә апозитивтә сигналқәеи ахәшьараҭареи ҳамоуп. Апозитивтә гәалаҟазаара шҳамоу расҳәеит. Урҭгьы сзышьақәдырӷәӷәеит апозитивтә ҭагылазаашьа шыҟоу. Евроеидгыла ахатә хәынаӡарақәа шахьчо, ииашоу, ақәнага шьаҭас измоу аӡбара шаднакыло агәра ҳгоит”, – иәҳеит Папуашвили.