Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла иаҳҳәозар,  Европарламент иаднакыло арезолиуциа  игәыҧжәагоуп, ирҧхьашьагоуп, ихәымгоуп
Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла иаҳҳәозар,  Европарламент иаднакыло арезолиуциа  игәыҧжәагоуп, ирҧхьашьагоуп, ихәымгоуп

Иахьа Европарламент иаднакыло арезолиуциа ҳзышьцылахьоу агәкаҳара аасҭагьы акырӡа еиҳау агәкаҳара ҳазцәырнагоит, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитхеилак алахәыла, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иахьатәи абифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла,  иахьа Европарламент Украина аибашьра ианалага инаркны Қырҭтәыла иазку ахәбатәи арезолиуциа аднакылоит.

„Аҵыхәтәантәи аамҭазы Европарламент иаднакыло арезолиуциақәа хаҭалатәи ажәыларақәеи имцырку адыррақәа раларҵәареи аҽазкрала иалкаауп,  ақырҭуа жәлар уи иашьцылахьеит.

Аха, иахьа Европарламент иаднакыло арезолиуциа, ахатә аҵакы ала,  ҳзышьцылахьоу агәкаҳара аасҭагьы акырӡа еиҳау агәкаҳара ҳазцәырнагоит. Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла иаҳҳәозар,  Европарламент иаднакыло арезолиуциа  игәыҧжәагоуп, ирҧхьашьагоуп, ихәымгоуп.

Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәыргылара аҳәара иазку анҵамҭа игәыҧжәагоуп. Европарламент Биӡина Иванишвили хаҭала ижәылареи аполитикатә ашьоуреи азы Евроеидгыла аофициалтә институтқәа рахь ааҧхьара ахьыҟарҵо ахҧатәи резолиуциоуп. Ари ауаҩы иоуп изыбзоуроу еснагь аибашьратә ҭагылазаашьаҿы иҟаз Қырҭтәылаҿ акыршықәса рыҩныҵҟа аҭынчра аҟазаара, иара ибзоуралоуп ҳтәыла агеополитикатә аиҿагылара ҭыҧны ишыҟамлаз. Ишубарҭоу ала,  арезолиуциа авторцәагьы еилыркаауеит дара Биӡина Иванишвили иахь иаадырҧшуа аинтерес актуалра ишацәыӡыз,  убри аҟынтә,  уажәазы,  аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иӡбахәы рҳәеит“ – иҳәеит Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла,  Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра аҽазкра иазку анҵамҭа ирҧхашьагоуп. Иара убас,  Урыстәыла ҩ-ганклатәи асанкциақәа азышьақәыргылара иазку аҳәарагьы дақәшаҳаҭым.

„Ҳуааҧсыра ирдыруазароуп аганқәа зегьы,  ари арезолиуциа авторцәагьы ибзиаӡаны ишеилыркаауа  Қырҭтәыла Урыстәыла ҩ-ганктәи асанкциақәа азышьақәнаргыларгьы,  убри  амшала Урыстәыла изакәызаалак ҧырхагак шамоуа. Уи еиҳангьы,  ҳтәыла анапхгара ари аҳәара нарыгӡазҭгьы,  Урыстәыла акәымкәа,  ҳтәылеи ҳуааҧсыреи аекономикатә проблема дуқәа рызцәырҵуан,  арратә аиҿагыларанӡа ҳнеиргьы ауан.  Евроеидгылеи НАТОи ршәарҭадаратә аҳаргьла ихьчоу атәылақәа рхаҭарнакцәа,  абри арезолиуциала,   Евроеидгылеи НАТО рҳаргь аҵаҟа иҟам Қырҭтәылантә иаҳәоит Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рыҧхасҭатәра.  Убри алагьы иубарҭоуп арҭ ауаа лассы-лассы зыӡбахәы рҳәо ақырҭуа жәлар рҧеиҧш хьаас ишрымам“ – иҳәеит Папуашвили.

Қырҭтәыла иазку арезолиуциа апроект дырмазеит Европарламент 14ҩык алахәылацәа.  Апроект иахьӡуп  „Қырҭтәылаҿ адемократиа шьҭахьҟа ацареи аполитикатә плиурализм изҭагыло ашәарҭарақәеи ирызку“. Адокументаҿ Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа рышьақәыргылареи,  Биӡина Иванишвилии егьырҭ ахаҿқәеи асанкциақәа рзышьақәыргылареи,  Михаил Саакашвили ихақәиҭтәреи,  иара убас,  аҭаацәаратә принципқәа ирызку азакәан аҧыхреи иалацәажәоит.