Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла алахәылацәа акандидат астатус иазкны аӡбара иаша рыдкыланы, Қырҭтәылагьы иахьа Украинеи Молдовеи иахьыҟоу апозициашҟа иқәдыргылап ҳәа сгәыҕуеит
Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла алахәылацәа акандидат астатус иазкны аӡбара иаша рыдкыланы, Қырҭтәылагьы иахьа Украинеи Молдовеи иахьыҟоу апозициашҟа иқәдыргылап ҳәа сгәыҕуеит

Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, Евроеидгыла атәылақәа рпарламентқәа рхантәаҩцәа рконференциаҿы Қырҭтәыла алахәызаара аҵакы ду амоуп.

Иара ишиҳәаз ала, аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2 ганктәи аиҧыларақәагьы мҩаҧысуеит.

Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла акандидат астатус иазкны уажәазы аӡбара иаша рыдкыланы, Қырҭтәылагьы иахьа Украинеи Молдовеи иахьыҟоу апозициашҟа иқәдыргылап ҳәа дгәыҕуеит.

«Европатәи ҳпартниорцәа ҳанрацәажәо иаҵшьны иазгәаҳҭоит  – Евроеидгыла алахәылацәа  ақәҿиарақәа рышьаҭала аӡбара рыдыркылароуп.  Рыцарас иҟалаз, ажьырныҳәазы ицәыргаз ахәшьара лабҿаба иҳнарбеит ҵыҧх рашәарамзазы Қырҭтәыла иадҳәаланы ирыдыркылаз аӡбара шиашамыз.  Уажәазы Евроеидгыла акандидат астатус иазкны аӡбара иаша рыдкыланы, Қырҭтәылагьы иахьа Украинеи Молдовеи иахьыҟоу апозициашҟа иқәдыргылап ҳәа сгәыҕуеит. Ари аӡбара аганқәа рацәа рыла аҵакы ду амоуп. Уи тәыла заҵәык – Қырҭтәыла мацара акәӡам изызку,  ари аӡбарала Евроеидгыла аанарҧшуеит ҳрегион ишазныҟәо», — иҳәеит  Папуашвили.