Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла абиуџьет аҟынтә аҧара зауа аиҿкарақәа русзуҩцәа иаартны атеррор мҩаҧыргоит, уара ауаҩы бџьарла уаниқәмақаруа, аргама уаниқәло, абри ауп атеррор захьӡу
Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла абиуџьет аҟынтә аҧара зауа аиҿкарақәа русзуҩцәа иаартны атеррор мҩаҧыргоит, уара ауаҩы бџьарла уаниқәмақаруа, аргама уаниқәло, абри ауп атеррор захьӡу

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, аиҳабыра амчылара афактқәа  еиҿыркаазшәа ирҳәо зегьы мцуп.

Шьалуа  Папуашвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит апарламент апленартә аилатәараҿы, уаҟа аоппозициатә депутат Ҭеона Ақубардиа илҳәеит Папуашвили  ақырҭуа жәлар ирҿагылоу атеррори амчылареи адгыларатә аҳәамҭақәа ҟаиҵоит ҳәа.

Ақубарҭиа лҳәамҭа иаҭакны Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, Евроеидгыла абиуџьет аҟынтә аҧара зауа аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа роуп атеррор мҩаҧызго.

«Аиҳара ирҿагыланы амчылареи атеррори шымҩаҧысуа аадыруеит. Абри ауп сара сызлацәажәоз. Сара иаартны исҳәеит  Евроеидгыла абиуџьет аҟынтә аҧара зауа аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа атеррор  шымҩаҧырго шаадыруа.   Уара ауаҩы бџьарла уаниқәмақаруа, аргама уаниқәло, абри ауп атеррор захьӡу», — иҳәеит  Шьалуа Папуашвили.