Шьалуа Папуашвили Евроеидгыла 13 ҳәынҭқаррақәа рминистрцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит – Молдова иугәамҧхо уара ухаҭа Қырҭтәыла иҟауҵар ҟалом
«Қырҭтәыла ахатә аҿиаразы зҵакы дуу аамҭа иҭагылоуп, ақырҭуа политикаҿ ҧшьала, уадаҩрала, аха, аҭакҧхықәра захьӡу апринцип ашьақәгылара иаҿуп. Иуҳәо ажәақәа рзы , иҟауҵо зегьы азы, ажәлари атәылеи рахь иҟауҵо ааҧхьарақәа рзы аҭакҧхықәра», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Шьалуа Папуашвили Евроеидгыла 13 ҳәынҭқаррақәа рминистрцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.
Папуашвили иҳәамаҭала, ари аҳәамҭа иақәшаҳаҭымхаз Евроеидгыла 14 ҳәынҭқаррақәа ҭабуп ҳәа раҳәатәуп.
«Баша ацажәара мариоуп, аха, ажәақәа ирхылҵуа аибашьразы аҭакҧхықәра агара аӡәгьы иҭахым. Қырҭтәыла ауааҧсыра аҭакҧхықәрадатә политика иахылҵуа алҵшәақәа рбахьеит, 1990-тәи ашықәсқәа рзгьы 2008 шықәсазгьы. Атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы дара иҟарҵо ааҧхьарақәа ирхылҵуа алҵшәақәа рзы аҭак рыҧхықәзароуп. Аҭакҧхықәра рхы иадҵаны абри аҳәамҭа иақәшаҳаҭымхаз Евроеидгыла 14 ҳәынҭқаррақәа ҭабуп ҳәа раҳәатәуп. Евроеидгыла аҳәынҭқаррақәа реиҳара Қырҭтәыла алхрақәа рҽалагалара аазырҧшуа атекст иақәшаҳаҭымхеит, уи аҵакы ду амоуп. Молдова иугәамҧхо уара ухаҭа Қырҭтәыла иҟауҵар ҟалом. Агаӡара ҳалацәажәозар, ауаа рыргәаҟра асистема аҧызҵаз Михаил Саакашвили ихақәиҭтәреи Урыстәыла иаҿагыло ҩ-ганктәи асанкциақәа рышьақәыргылареи аҳәароуп игаӡароу», — иҳәеит Папуашвили.