Шьалуа  Папуашвили – Есышықәса иҳаҳауан Қырҭтәылеи Украинеи НАТО иалалоит ҳәа, уи мраҭашәаратә политикцәа раҧшагаран, ма ацәгьауран,  дара ҳтәыла иреалым агәызҭаҵага арҭон
Шьалуа  Папуашвили – Есышықәса иҳаҳауан Қырҭтәылеи Украинеи НАТО иалалоит ҳәа, уи мраҭашәаратә политикцәа раҧшагаран, ма ацәгьауран,  дара ҳтәыла иреалым агәызҭаҵага арҭон

«Борис Џьонсон заҵәы иакәымкәа, иацы Владмири Зеленскигьы ихаҭа иҳәеит Џьо Баиден ихаангьы иаартны ишиарҳәоз Украина НАТО изазалом ҳәа», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иҳәамҭала, аҭагылазаашьа ҽеим, избанзар НАТО арҭбаара амшала иалагаз аибашьра анҵәамҭаз Украинеи егьырҭ атәылақәеи иаартны ирарҳәоит НАТО арҭбаара ргәы ишҭам.

«Украина  НАТО изалаломызт  — абри ауп ихадоу.  Борис Џьонсон заҵәы иакәымкәа, иацы Владмири Зеленскигьы ихаҭа иҳәеит Џьо Баиден ихаангьы иаартны ишиарҳәоз Украина НАТО изазалом ҳәа . Ари аҭоурых лахьеиқәҵагоуп, избанзар НАТО арҭбаара амшала иалагаз аибашьра анҵәамҭаз Укрианеи егьырҭ атәылақәеи иаартны ирарҳәоит НАТО арҭбаара ргәы ишҭам», — иҳәеит  Папуашвили.

Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит мраҭашәаратә политикцәа есышықәса аҳәамҭақәа шыҟарҵоит Қырҭтәылеи Украинеи НАТО иалалоит ҳәа.

« 2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит инаркны есышықәса иҳаҳауан Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада НАТО иалалоит ҳәа.  Аха, уажәы ишеилкаахаз ала, Украина НАТо иалаларц аӡәгьы иҭахымызт.  Уи мраҭашәаратә политикцәа рҭаҧшақьаран, ма ацәгьауран,  дара ҳтәыла иреалым агәызҭаҵага арҭон. Хәыҷык ауп иаанхаз, НАТО ашә ҳалагылоуп ҳәа рҳәон, уи хазҵоз аполитицәа иарбанзаалак аескалациа иазыхиан   — 2008 шықәсазы Саакашвилигьы убас иҟаиҵеит, Украинагьы изныкымкәа уи ҳбахьеит. Аха, аибашьра ианалага, НАТО асолдаҭкгьы ари аибашьра иҽалаирмырхәит. Иахьа уи лабҿаба иаабоит, ари аҭоурых илахьеиқәҵагоуп. Ҳара, ақырҭуаа, ашәышықәсарацәалатә ҳҭоурых ҳацхраауеит, абри зегьы ҳахысхьеит. Абасоуп адунеитә политика шыҟоу  — аамҭак иалагӡаны, ирҧшӡаны, ҳаржьон, аха, иҵабыргны, зынӡаскгьы даҽа лабҿабарак акәын иҟаз», — иҳәеит  Папуашвили.