Шьалуа Папуашвили – Дональд Трамп иқәлареи ҳоппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи ари афакт азы иҟарҵаз ақәҿыҭареи алагьы иубарҭоуп жьҭаара 26 рзы аибашьреи аҭынчреи рыбжьара алхра шыҟаҳҵо
Дональд Трамп иқәлареи ҳоппозициеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи ари афакт азы иҟарҵаз ақәҿыҭареи алагьы иубарҭоуп жьҭаара 26 рзы аибашьреи аҭынчреи рыбжьара алхра шыҟаҳҵо, — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла, аҳәаанырцәынтә анапхгара ззыруа абарҭ ауаа амчра ргар, дара Қырҭтәыла аҳаҭыр ладырҟәоит, атәыла аҩныҵҟа аилаҩынтәра иалагоит, аекономика каҳауеит, Қырҭтәыла зегьы амца ацралоит.
«Еснагь зехьынџьара Қырҭтәыла шәгәалашәыршәала», — иҩит Папуашвили.