Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Даниатәи аҳра апарламент ахантәаҩы Ҳенрик Дем диԥылеит.
Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, аганқәа Қырҭтәылеи Даниатәи аҳреи ирыбжьоу ҩганкалатәии ганрацәалатәи аусеицура иахцәажәеит.
Шьалуа Папуашвили атәылақәа рыбжьара аусеицура аҵакы дахцәажәан, Қырҭтәыла адемократиеи аҳәыҭқарратә институтқәеи рыргылара апроцесс аҿы Даниатәи аҳра адгылара азы иҭабуп ҳәа аиҳәеит.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла Даниа ацҳаражәҳәара аартра аԥшьгара дшадгыло иазгәеиҭеит.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Скандинавиатәи атәылақәа рҿы ивизит аан ицуп апарламентарцәа Мака Боҷоришвилии Николоз Самхараӡеи.