Шьалуа  Папуашвили – Даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит атәыла аиҳабыра ҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара  аполитика ишадгыло, аинааларада аҭынчра зыҟалом
Шьалуа  Папуашвили – Даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит атәыла аиҳабыра ҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара  аполитика ишадгыло, аинааларада аҭынчра зыҟалом

 

«Аҭынчра жәларбжьаратәи амш азы иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳтәылаҿгьы адунеиаҿгьы аҭынчра аҵакы ду шамоу. Иахьа ҳара аҭынчра аиқәыршәаразы азеиҧш ҭакҧхықәра ҳалацәажәоит, аҭынчратә еиҳабырақәа зегьы иахьазы абри ауп хықәкыс ирымазааша», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Аҭынчра жәларбжьаратәи амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Апарламент ахантәаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит иахьа адунеиаҿ ашьаарҵәыратә аимакқәа шымҩаҧысуа.

«Рыцҳарас иҟалаз, ҳгәыларагьы аҭагылазаашьа цәгьоуп, ҳакәша-мыкәша ашьаарҵәыратә аимакқәа мҩаҧысуеит. Ҳрегионқәа  – Аҧсни Цхинвали рымпыҵахалара  инагӡоит.  Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы адипломатиатә хырхәагақәеи, адиалоги, аинаалареи рыла аҭынчра ашьақәыргыларазы азеиҧш ҽазышәара аҵакы ҷыда амоуп.

Убри азоуп Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчра ашьақәыргылареи  аибашьра еиҟәнашаз ажәларқәа рыбжьара агәреибагара аиҭашьақәыргылареи ишазҿлымҳау.

Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, избанзар ҳазхысыз аҭоурыхи уи алҵшәа цәгьақәеи ҳгәалашәоит. Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, ҳара аинаалареи қәҿиарала аусеицуреи ашьаҭала аҧеиҧш ҿыц ҳаргылароуп, ҳтәылауаа зегьы аҭынчреи ирыхәҭоу аҧсҭазаашьеи ахьроуа», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла,  иахьатәи амш даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит атәыла аиҳабыра ҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара  аполитика ишадгыло, аинааларада аҭынчра шыҟамло.

«Адиалог мацароуп напхгагас иҳауша. Ҳара адипломатиеи аусеицуреи аполитика агәра ҳгоит.  Игыло абиҧарақәа аҭынчратә европатәи Қырҭтәылаҿ инхаратәы алшара рымазар ҳҭахуп. Ашәареи аибарххареи ахьыҟам атәылаҿ, ашәарҭадара ахьеиқәыршәоу, апрогресси атәыла арҿиареи ахьрылшаша атәылаҿ инхар ҳҭахуп, абри ауп хықәкыс иҳамоу», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы.