Шьалуа Папуашвили Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит
Шьалуа Папуашвили Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Гаррет Уорд диԥылеит.

Апарламент апрессмаҵзура аинформациала, Гаррет Уорд Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети, атәыла адемократиатәи аекономикатәи аҿиареи шрыдгыло иазгәеиҭеит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩи Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ҿыци ҩганктәи еизыҟазаашьақәа амш аусхәаԥштә ирылоу азҵаарақәеи, Қырҭтәыла аҭыԥ змоу апроцессқәеи, сынтәа, жьҭааразы имҩаԥысран иҟоу апарламенттә алхрақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирыхәаԥшит.

Шьалуа Папуашвили Гаррет Уорд аҭыԥ ҿыц аанкылара идиныҳәалан, ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.