Шьалуа Папуашвили Болнистәи амуниципалитет ауааҧсыра дырҧылеит
Шьалуа Папуашвили Болнистәи амуниципалитет ауааҧсыра дырҧылеит

 

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили,  «Аҭоурыхтәи акультуратәи традициақәа ирышьашәалам ажәла аҧсахра иазку» азакәанпроект иадҳәаланы, Болнистәи амуниципалитет ауааҧсыра дырҧылеит.

Қырҭтәыла апарламент аҿы изхәаҧшуа азакәанпроект ала иазҧхьагәаҭоуп амилаҭтә аиҵара ахаҭарнакцәа, дара ретникатә традициақәеи ркультуреи иашьашәало ажәлақәа ранашьаразы амеханизм аҧҵара.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла иқәынхо милаҭқәак рыжәлақәа иҧсабаратәымкәа иаҧҵан ҳтәылаҿы Урыстәыла анапхгара рхаан. Азакәанпроект анрыдыркылалак, изҭаху ауааҧсыра зегьы, иашьашәалоу аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы рыжәла рыҧсахыр рылшоит.