Шьалуа Папуашвили – Биӡина Иванишвилии игәыҧи еснагь аиааира згоз аиашароуп  мчыс ирымаз
Шьалуа Папуашвили – Биӡина Иванишвилии игәыҧи еснагь аиааира згоз аиашароуп  мчыс ирымаз

Биӡина Иванишвилии игәыҧи еснагь аиааира згоз аиашароуп  мчыс ирымаз, — иҳәеит апарламент ахантәаҩы  Шьалуа  Папуашвили.

«Арегионаҿ аҭагылазаашьеи аоппозициаа рхыбгалареи амшала,  2024 шықәсазы апроблемақәа рацәахоит,  аоппозициаа мҩа заҵәык ауп ирзаанхаз  — аҭагылазаашьа арадикализациа. Атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы рыдгылаҩцәа аабоит, сынтәа  дара ақырҭуа демократиеи  аҳәынҭқарратә институтқәеи рҧырхагахареи,  Қырҭтәыла аҿагылареи рҽазыркуеит,  абри ауп ҩышықәса рыҩныҵҟа иаабоз. Убри аҟынтә,  уажәы амилаҭ зегьы рҽеидыркылароуп,  уи аҵакы ду амоуп,   ашықәс анҵәамҭаз ҳара даҽазнык аиааира азгәаҭареи ҳаҕацәа раҵархареи ҳалшарц азыҳәан, Биӡина Иванишвили амилаҭ реидкылара илшоит.

Биӡина  Иванишвили ихаҭагьы иҳәеит асанкциақәа шизышьақәдыргылаз, убри аҟынтә,  абра аӡәгьы акгьы дацәшәом.  Биӡина Иванишвилии игәыҧи еснагь аиааира згоз аиашароуп  мчыс ирымаз.  Абри аиашарала сынтәагьы аиааира ҳгоит», — иҳәеит Шьалуа  Папуашвили.