Шьалуа  Папуашвили – Беларус азхаҵамра аполитика иақәныҟәароуп, абри ауп зегьы реиҳа ахадара змоу
Шьалуа  Папуашвили – Беларус азхаҵамра аполитика иақәныҟәароуп, абри ауп зегьы реиҳа ахадара змоу

«Беларус азхаҵамра аполитика иақәныҟәароуп, абри ауп зегьы реиҳа ихадоу», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Беларус ахада Аҧсны ивизит иадҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Папуашвили иажәақәа рыла, адипломатиатә шьҿақәеи Қырҭтәыла анапхгара иҟарҵаз аҳәамҭақәеи алҵшәа рхылҵып ҳәа дгәыҕуеит.

«Даҽа ҳәынҭқаррак алидер, ақырҭуа напхгара рықәшаҳаҭрада Қырҭтәыла аҵакырадгьыл далалар ҟалом. Егьи аганахьала, азхаҵамра аполитика иазгәыку аҳәынҭқаррақәа иреиуз  Беларус, уажәгьы абри аполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны иаанхароуп, азхаҵамра аполитика иақәныҟәалароуп, абри ауп зегьы реиҳа ихадоу.  Убри аҟынтә, адипломатиатә шьаҿақәеи Қырҭтәыла анапхгара иҟарҵаз аҳәамҭақәеи алҵшәа рхылҵып ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит  Папуашвили.