Шьалуа  Папуашвили Бакурцихеи Ҵнории еимыздо амагистральтә мҩа аартра ихы алаирхәит
Шьалуа  Папуашвили Бакурцихеи Ҵнории еимыздо амагистральтә мҩа аартра ихы алаирхәит

Шьалуа  Папуашвили Бакурцихеи Ҵнории еимыздо амагистральтә мҩа аартра ихы алаирхәит

 

Қырҭтәыла апарламет ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент адепутатцәеи дрыцны, Бакурцихеи Ҵнории еимыздо амагистральтә мҩа аартра ихы алаирхәит.

«Бакурцихеи Ҵнории еимыздо амҩа ҿыц – ҩ-цәаҳәактәи акаҭрантә ахҩареи, арлашаратә системеи рыла еиқәыршәоу жәларбжьаратәи аныҟәаратә маршрутқәа рҿы зҵакы дуу ахәҭақәа иреиуп. Уаҟа раҧхьаӡа акәны ахархәара рымоуп аенергохырҳагара зхылҵуа амратә панельқәа.

Амҩа аргылара апроект аҧара аларҵеит Қырҭтәыла аиҳабыреи Азиатәи аҿиара абанки (ADB), апроект  87,8 миллион адоллар иаҧсоуп.

Амҩа аартра ацеремониа рхы аладырхәит анагӡаратәи, азакәанҧҵаратәи мчреи, аҭыҧантәи анапхгареи рхаҭарнакцәа», —  иануп Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура аинформациаҿы.