Шьалуа Папуашвили «Ажәлар рымч» рзакәанпроект иадҳәаланы Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит
Шьалуа Папуашвили «Ажәлар рымч» рзакәанпроект иадҳәаланы Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит

Шьалуа Папуашвили «Ажәлар рымч» рзакәанпроект иадҳәаланы Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвишли ишиҳәаз ала,  иахьатәи аиҧылараҿы аҵысра  «Ажәлар рымч» ахаҭарнакцәа ицәырыргаз ҩ-закәанпроектк ирылацәажәеит.

«Атәылауаҩратә уаажәларра аартызаара иазку адискуссиа аҿагылара ацынхәрас,  рхы иақәгәыҕуазар,  ари азҵаараҿы активра аадырҧшыроуп. Ашәқәа ркны ианеиҧыло аартызаара аҵакы иалацәажәоит,  иахьазы аартызаара еиқәыршәам ҳәа рҳәоит. Дара ари азҵаара активла иалахәызароуп,  аартызаара аиқәыршәареи иахьазы иҟоу агхақәа рыриашареи азы апарламент аус ацыруроуп.  Алабҿабара абас ауп ишыҟоу – аполитикатә аӡбарақәа здызкыло акторцәа зегьы  —  аҳәынҭқарратә институтқәа,  апартиақәа,  аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рфинансқәа аартуп,  актор заҵәык – иҳәынҭқарратәым асектор  афинансқәа рганахьала аартым», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.