Шьалуа Папуашвили - Ажәлар ирбаз ауахәамеи адоуҳаныҟәгаҩцәеи рхырхарҭала адезинформациеи, аманипулиациеи аистериеи рнашԥа, ауахәама аҳәаақәа ирхылҵын, ахаан иҳамбаӡацыз амасштабқәа аиун, ишәарҭоу аҳәаа азааигәахеит
Аҵыхәтәантәи аамҭазы арелигиатә ныҳәақәа анымҩаԥысуа аамҭазы, апартиатәи атәылауаҩратәи активистҵәеи, “Амилаҭтә ҵысреи” “Лелои” иртәу аихқәеи Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама аганахьала ажәыларақәа ршылаго, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, арҭ ажәыларақәа заанаҵы еиҿкаауп.
“Ажәлар ирбаз ауахәамеи адоуҳаныҟәгаҩцәеи рхырхарҭала адезинформациеи, аманипулиациеи аистериеи рнашԥа, ауахәама аҳәаақәа ирхылҵын, ахаан иҳамбаӡацыз амасштабқәа аиун, ишәарҭоу аҳәаа азааигәахеит, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Пкапуашвили ишазгәеиҭаз ала, акампаниа алахәылацәа дреиуп “Жәлар рыхьчаҩ иаппарат иаҵанакуа Аиҟарара ацентр” анапхгаҩы Беқа Миндиашвили, ур аиашахаҵаратә уахәама аганахьала ацәымӷаратә риторикала далукаауеит.