Шьалуа Папуашвили  - Ахьчара агарантиақәа ҳамам, НАТО аҳаргьгьы  Евроеидгыла аекономикатә беркетқәагьы ҳрыхьчом
Шьалуа Папуашвили  - Ахьчара агарантиақәа ҳамам, НАТО аҳаргьгьы  Евроеидгыла аекономикатә беркетқәагьы ҳрыхьчом

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иҳәамҭала, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл асанкциақәа рывсразы ахархәара аиуам.

Иара убас, Папуашвили ишиҳәаз ала, егьи аганахьала, Қырҭтәыла, Урыстәыла ҩ-ганктәи асанкциақәа азышьақәнаргылом, уи азы амзызқәа иҟоуп.

„Асанкциа иаанагоит аескалациа аҽалагалара. Убри аҟынтә, асанкциа иахылҵыр зылшо алҵшәақәа ҳаздырӡом. Асанкциаан аконтрсанциа ашәарҭара иҟоуп, заанаҵы зызҧхьагәаҭара уадаҩу ашьаҿақәа ахылҵыр ауеит. Убри аҟынтә, Урыстәыла иаҿагыланы асанкциақәа шьақәзыргыло аганқәа зегьы, Евроеидгылагьы НАТО иалоу атәылақәагьы  аескалациа иацәцар рҭахуп. Цқьа шәахәаҧшыр, дара агәҽанызаара дула ари азҵаара иазныҟәоит, ишиашо арратә аиҿагылара зхылҵыр зылшо, мамзаргьы Урыстәыла аасҭа дара иаҳа азарал рзаазгаша ашьаҿақәа рыҟаҵара рҭахым. Ҳаргьы абри азҵаара абасҵәҟьа ҳазнеиуеит. Зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа ҳреиҧшымкәа, ҳара  ахьчара агарантиақәа ҳамам, НАТО аҳаргьгьы  Евроеидгыла аекономикатә беркетқәагьы ҳрыхьчом, акымзаракгьы ҳахьчом, ари аганахьала ҳамацара ҳаҟоуп. Насгьы, ҳҵакырадгьылаҿ аурыс арбџьармчқәа гылоуп, ҳтәыла 2 регионк импыҵахаланы ирымоуп. Убри аҟынтә, аӡбарақәа рыдкылараан абарҭ аҭагылазаашьақәа зегьы иазҧхьагәаҳҭоит “, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.