Шьалуа Папуашвили – Авизатә аҧкрақәа ирыдҳәалоу ақәмақарреи аҳәамҭақәеи исериозымызт
Авизатә аҧкрақәа ирыдҳәалоу ақәмақаррақәагьы аҳәамҭақәагьы исериозымызт. Иацы ишҳаҳаз ала, ҩажәаҩык ақырҭуаа асанкциақәа рзышьақәыргылоуп, арҭ ауаа изусҭцәақәоу ҳаздырӡом, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
„Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, 30 шықәса рыҩныҵҟа ақырҭуа жәлар Америкеи, америкауааи, Америка анапхгареи аиҩызара ада уаҳа акгьы рзаадмырҧшыцт. Аха, рыцҳрас иҟалаз, аиҩызара иаҭакны, ҳара абарҭ исериозым аҳәамҭақәеи аӡбарақәеи ҳаҳауеит“, – иҳәеит Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, авизатә аҧкрақәа ракәымкәа, аоппозициаа иҟарҵаз ақәҿыҭроуп зегьы реиҳа аинтерес зҵоу.
„Ари апроцесс ҳалацәажәозар, араҟа авизатә аҧкрақәа ракәымкәа, аоппозициаа иҟарҵаз ақәҿыҭроуп зегьы реиҳа аинтерес зҵоу. Рыцҳарас иҟалаз, ҳоппозициаа реиҳара атәым тәыла агәы иаахәашоуп иҟарҵо. Дара рзы рхатә тәыла аинтересқәа ракәымкәа, атәым тәыла адәныҟатәи аусқәа аминистрра амаӡаныҟәгаҩ ииҳәаз ауп иаҳа ихадоу. Убри аҟынтә, жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла ауааҧсыра, аоппозициаа, абарҭ ачарҳәаҩцәа асанкциақәа рзышьақәдыргылоит. Дара изакәызаалак ак ала Қырҭтәыла иадҳәалам, ақырҭуа жәлақәа рымоуп, уи ауп, уаҳа акымзаракгьы, егьирахь – атәым тәыла анапаҿы иҟоу абжьааҧнытә марионетцәа роуп. 2012 шықәсанӡа, анапхгараҿы ианыҟазгьы абас акәын ишыҟаз. Жәаҳәарада, ақырҭуа жәлар амарионеттә еиҳабыра рҭахым, убри аҟынтә, жьҭаара 26 рзы амарионеттә оппозициа асанкциақәа рзышьақәдыргылоит“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.