Шьалуа Папуашвили – Атәым хаҿқәеи, иәҳынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, амедиеи, адемократиатә лагылазаара аиҕьтәра ацынхәрас, ауааҧсыра аполитикатә алхра аҟаҵара азин рымырхуеит
Атәым хаҿқәеи, иәҳынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, амедиеи, адемократиатә лагылазаара аиҕьтәра ацынхәрас, ауааҧсыра аполитикатә алхра аҟаҵара азин рымырхуеит, – иҧит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны, аполитикцәеи апартиақәеи аҳәаанырцәынтә аҧара аиура азин рымам.
„Абри азакәанҧҵаратә норма инақәыршәаны, аҳәаанырцәынтә иарбанзаалак афинансыркра изакәаным. Уажәааны иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәак аргама иаарыцҳаит ари азакәан аилагара ргәы ишҭоу, атәым анырра аартызаара азакәан ишақәымныҟәо. Убри аҟынтә, атәым хаҿқәеи, иәҳынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, амедиеи, адемократиатә лагылазаара аиҕьтәра ацынхәрас, ауааҧсыра аполитикатә алхра аҟаҵара азин рымырхуеит.
Уажәы, алхрақәа ианааигәахо аамҭазы, аҭагылазаашьа иаҳа иуадаҩхеит. Уажәааны „Ақырҭуа гәахәтәы“ ала имҩаҧгаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, алхрақәа рыцклаҧшразы ашәҟәы иҭагалоу 49 иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҟынтә 19, ишиашо, аоппозициатә аполиткиатә партиақәа ирыдҳәалоуп. Урҭ реиҳара, иаартны анапхгаратә гәыҧ акритика рзыруеит. Ҳәарада, дара ганк ирыдгылоит, уи ҳдемократиазы ишәарҭоуп“, – иҩит Шьалуа Папуашвили.